Анас Кьышьмариеи Мақтина Џьынџьалԥҳаи ОВЗ змоу ахәыҷқәа реиҭашьақәыргыларатә центр иаҭааит
01.06.2023

Рашәарамза 1 Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны Ауаҩы изинқәа рзы
азинмчра змоу Анас Кьышьмариеи Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра
змоу Мақтина Џьынџьалԥҳаи зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа
Реиҭашьақәыргыларатә центр иаҭааит.
Анас Кьышьмариа арт-терапиа иазку ауадазы аҳамҭақәа рылҭеит.
Амедусбарҭа аҳақьым хада Лиана Емыхәвари асасцәа
иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭреи ацентр аԥсҭазаара ганха
иахьавымсызи ҭабуп ахылҳәааит.
Азинхьчаҩцәа аусбарҭа апроблемақәа ҭырҵааит, ахәыҷқәа
ирацәажәеит.
Амедусбарҭа аҳақьым хада Лиана Емыхәвари еиҭалҳәеит иахьатәи
аамҭазы ацентр аҟны аус шыруа аспециалистцәа-аԥсихологцәа,
адефектологцәа, лор-ҳақьымцәа, апедиаторцәа, алогопедцәа,
арҵаҩцәа-ааӡаҩцәа, асоцусзуҩцәа, ЛФК азыҟаҵаҩцәа.

Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы арҭ амаҵурақәа зегьы хыԥадатәуп.
Емыхәвари лажәақәа рыла, маха-шьахалатәи атерапиеи,
адиагностикатә лшамҭақәа реизырҳареи, ЛФК аҽазыҟаҵарақәа
рымҩаԥгаразы атренажиорқәеи рзы ахымԥадатәра ыҟоуп.
«ЛФК азал аҟны еиҳа иҿыцу атренажиорқәа рыла аусуразы
алшарақәа ҳаурц ҳҭахуп. Иаҳҭахуп иара убас асенсортә интеграциа
иазку ауада. Уи акырӡа аҵанакуеит аԥсихологиатәи ацәажәаратәи
ԥсыҽрақәа змоу ахәыҷқәа рзы. Иазгәаҭатәуп урҭ рхыԥхьаӡара
шырацәахо насгьы аспециалистцәа рыдҵақәа шеиҳахо», - лҳәеит
Лиана Емыхәвари.
Анас Кьышьмариа аиҭашьақәыргыларатә центр аусзуҩцәа рџьа
акырӡа ишаҵанакуеи насгьы ишыуадаҩуи ртәы азгәалҭеит.
«Угәы шьҭнахуеит апрофессионалцәа шәкоманда ас еиԥш иҟоу
иҭышәынтәалахьоу аилазаара аус ахьадыжәуло. Ҳаҭыр дула
ҳрызнеиуеит шәеиԥш иҟоу амаҵурақәа ныҟәызго ауаа. Ҳганаҟнытә
ацхыраара шәызҭаша амеценатцәа радыԥхьалара ҳҽазаҳшәоит,
насгьы иҳамоу алшарақәа зегьы ацхыраара шәыдгалара
ирзаҳкуеит. Ҳара еснагь ҳшәывагылоуп. Ахәыҷқәа ирзеиӷьаҳшьоит
аҭынч ԥсҭазаареи иҳараку ахықәкқәа рынагӡараҿы алшамҭақәеи»,
- лҳәеит Анас Кьышьмариа.
Аиҭашьақәыргыларатә центр апациентцәа руаӡәк игәы иҭыхоу –
ақьаадтә пакетқәа ҟазҵо азауад аргылара шиҭаху атәы
рзеиҭеиҳәеит. Араҟа уи аҷкәын урҭқәа рыҟаҵашьа иҵеит. Анас
Кьышьмариа акартонтә ҵәахырҭақәа ахьыҟарҵо азауад ахь игара
дшазыхиоу атәы иалҳәеит. Арԥыс қәыԥш уи даараӡа даргәырӷьеит.
«Рашәарамза 1 аҽны инақәыршәаны ҳахьышәҭааз уи ус баша
иҟамлаӡеит. Ара аус руеит ОВЗ змоу ахәыҷқәа ринтересқәа зыхьчо
ауаа. Зегьы ари амш шәыдысныҳәаларц сҭахуп
иагьышәзеиӷьасшьоит адгылара, аҿиареи ақәҿиара дуқәеи
шәыгымхарц», - лҳәеит Мақтина Џьынџьалԥҳа.
Есышықәса Аҟәа иҟоу Аиҭашьақәыргыларатә центр хышәҩык
рҟынӡа ахәыҷқәа аҭаауеит. Аиҳарак инеиует ДЦП ачымазара,
егьырҭ ихадоу анервтә система зыҟны иуашәшәыроу, Даун
исиндром змоу, аутизм змоу ахәыҷқәа.
Ацентр аҟны аус руеит аневролог, ортопед, лор-ҳақьым, аҳақьым-
афизиотерапевт, аԥсихологцәа, апедагог-дефектологцәа.
Ахәышәтәратә бҩарҵәыра еиҿкаауп, атренажиорқәа ыҟоуп, иҟоуп
иара убас агидромассаж змоу абассеин, арт-терапиа.
Аҟәа Аиҭашьақәыргыларатә центр аартын мшыԥымза 17, 2015
шықәсазы.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра