Анас Кьышьмариеи Татиана Москальковеи адныҳәаларақәа еимырдеит
09.05.2023

Аԥсны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа Урыстәыла иҟоу Ауаҩы
изинқәа рзы азинмчра змоу Татиана Москалькова Аиааира Амш зызкыз
адныҳәалара лзыналышьҭит.
" Еицаҳзеиԥшу аныҳәамш Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 78 шықәса ахыҵра
инамаданы ишәыдышәкыл игәыразу, гәык-ԥсык ала адныҳәаларақәа! Ари аныҳәатә
амш аҽны зыԥсы иамеигӡа зырратә уалԥшьа назыгӡоз афырхацәа ҳаҭыр дуӡӡала
ҳрызнеиуеит, урҭ ҳгәалашәараҿгьы наунагӡа иаанхоит. Гәык-ԥсык ала Шәареи иара
убас напхгара зышәҭо Урыстәылатәи Афедерациаҟны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра
змоу аппарати ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аҭынч ԥсҭазаареи, агәабзиара ӷәӷәеи,
шәыпрофессионалтә усмҩаԥгараҿы ақәҿиарақәеи алшара ҿыцқәеи», - аҳәоит аԥсуа
омбудсмен лыдныҳәалараҿы.

Иара убри аамҭазы Татиана Москалькова Анас Кьышьмариа Аиааира Амш
лыдылныҳәалеит.
"Лаҵарамза 9 – адунеи афашизм аҟнытә еиқәзырхаз асоветтә фырхацәа ԥсра
зықәӡам ргәымшәара иамшуп, ҳажәлар ракзаареи реидгылареи ирҟазшьарбагоуп.
Ҳазхылҵыз ҳабдуцәа ргәымшәареи рылшамҭақәеи иара убас аиашьаратә
еиҩызареи аицхыраареи, акырӡа иуадаҩыз ашықәсқәа иргәыҵакыз, ҳтәылақәеи
ҳажәлари аиҩызаратә ҟазшьа змоу аигәыларатә ҳаизыҟазаашьақәа ԥсахра змам
шьаҭаны ирзыҟалоит», - азгәалҭеит Татиана Москалькова.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра