«АУАА ҲАДҴААЛОИТ …» (Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Асида Шьаҟрыл акорреспондент лызҵаарақәа рҭак ҟалҵоит)
13.07.2018
АБИОГРАФИА:
Асида Гьаргь-иԥҳа Шьаҟрыл Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет далгеит. Аус луан аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс, анаҩс – Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаратә ҟәша еиҳабыс. 1997 шықәсазы икоммерциатәым ахеидкыла «Агуманитартә программақәа рцентр» ашҟа диасит насгьы «Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара» апрограмма напхгара алҭон. Хабарда ибжьаӡыз шамахаӡак акәымзар зегьы дырҭааит, афақтқәа шьаҭас измоу аматериалқәа еиқәлыршәеит, хыԥхьаӡарала жәаҩыла хабарда ибжьаӡыз ауааԥсыра иофициалтәу аусбарҭақәа рҟны иҟаз асиақәа рыхьӡқәа рҭагаларазы аусура акыр иацхрааит. АПР (ЦГП) аусура раԥхьатәи ашықәсқәа инадыркны иара убас анапы злакқәаз иреиуан ауаҩы изинқәа реилагареи рыхьчареи, иҭакқәаз ауаагьы иара убрахь иналаҵаны рыпроблемақәа рыӡбара. 2001 шықәса нахыс аԥыза қәыԥшцәа рааӡара, ауаҩы изинқәа иахьрыҵаркуа урҭ рдыррақәа реизырҳара апрограмма дазхьаԥшит. Шықәсқәак ирылагӡаны лколлегацәа лыцырхырааны атәылауаҩратә ҵарадырра зызкыз ацхыраагӡа аиқәыршәара лнапы алалкит, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵарадырра аминистррала абжьаратә школқәа рҟны ауаажәларрадырра рырҵаҩцәа цхыраагӡак аҳасаб ала хархәара арҭарц азы ирабжьган.
2006 шықәса инаркны 2009 шықәсанӡа Асида Шьаҟрыл «Атәылауаҩратә инициативақәа рыдгылара, ауаҩытәыҩсатә шәарҭадара ззынархоу» захьӡу апроект координаторс дыҟан, абри аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаҩы изинқәа иахьрыҵаркуа аӡбарҭақәеи егьырҭ аинститутқәеи русушьа аҭҵаараҟны далахәын.
2011 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Ауаажәларратә палата лахәылас дыҟан.
2007 шықәса инаркны АПР (ЦГП) адиреқторцәа рхеилак лахәылас дыҟан, ауаҩы изинқәа рыхьчара зызку аусура напхгара алҭон, ауаҩы изинқәа рзы хәыда-ԥсадатәи ауаажәларратә дкыларҭақәа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны азинхьчаратә усура лнапы алакын.
Азинхьчаратә усура иахьаҵанакуа лусура аамҭа иалагӡаны хыԥхьаӡара рацәала иҷыдоу асеминарқәа рҟны адыррақәа лоуан, Аԥсныи, Урыстәылатәи Афедерациеи Европатәи атәылақәеи рҟны хыԥхьаӡара рацәала аконференциақәеи афорумқәеи дрылахәын.
2016 шықәсазгьы, жәабранмзазы, атәыла Ахада Р. Ҳаџьымба «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Азинмчра змоу изку» Азакәан анапы аҵаиҩит, иара убри аԥхьа АА Апарламент ала иадкылан. Хәажәкырамза иара убри ашықәс азы Азинмчра змоу имаҵура лыдгалан Асида Шьаҟрыл. Ари аӡбамҭа аӡәгьы изы џьашьахәыс иҟамлеит, избан акәзар Асида акыр шықәса Агуманитартә программақәа рцентр иатәу ауаажәларратә дкыларҭа напхгара алҭон убри анаҩсгьы ауаа рыпроблемақәа адгылара рыҭарагьы закәу бзиаҵәҟьаны илдыруеит. Лаҵарамза анҵәамҭазы Апарламент Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лаппарат иатәу ахәԥса асмета шьақәнарӷәӷәеит.
– Бара бусура уаанӡа имҩаԥыбгоз аусура аҵакы акыр иазааигәоуп – ауаа рзинқәа рыхьчара. Ибырҳахьоу аԥышәа аҟнытә иахьа бхы иабырхәарц ибылшо арбану? – слазҵааит Асида, аха нас иацысҵеит. – Мамзаргьы даҽакала ҳалагап: иабаҟоу бара бусуратә ҭыԥ, изеиԥшроузеи буалафахәы, иарбан штату ишәзалху? Бара бнапынҵа уаанӡа знапы алакыз, омбудсмен Дырмит Маршьан апроблемақәа ахьизцәырҵуаз абарҭ азҵаарақәа рҟны акәын. Шықәсык мааҭк аԥара имоуа аусурҭа ҭыԥгьы имамкәа аус иуан. Игәы азыԥҵәан, дцеит. Ицәгьамкәа аус иуан, уи иҵабыргыҵәҟьаны издыруеит. Иҟалап ииашаны иҟаиҵазаргьы, аҭагылазаашьагьы даҽа кыраамҭа аҽамԥсахкәа ус ицаргьы. Аха уажәы зегьы изакәыз еилыркааит, ихымԥадатәыз иадыргалеит.
– Сара сусура ҭыԥ уажәы Агуманитартә программақәа рцентр аҟны иҟоуп. Ииашоуп, Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изалху ауада ыҟоуп. Уи арендала игоуп Амилаҭтә библиотекаҟны. Азинмчра змоу ибиуџьет 2018 шықәсазы иазалху шьақәнаргылоит х-миллионк мааҭ. Аԥара ҳзалырххьеит, аусзуҩцәа руалафахәы рзыхшәаауп. Иаҳзалху ауада аиҭашьақәыргыларатә усура ирхысроуп – ари идуу, аха еиҩкаам уадоуп, аҭыӡқәа бжьаҵатәуп. Аԥара ҳзиаргаанӡа ҳәа ҳаԥшуп, аргылаҩцәа русура напы адыркыртә еиԥш алшара роурц. Уажәазы акәзар, Анцәа иџьшьаны, АПР (ЦГП) анапхгара аус аауртә ауада ҳадыргалеит, – аусуратә ҭыԥқәа, атехникатә хархәагақәа зегьы, иара убас амашьынагьы.
– Аппарат аҟны шаҟаҩы аус шәуада?
– Уажәы хҩык азиндырыҩцәа, амаӡаныҟәгаҩ, аҳасабеилыргаҩ, сара – зынӡа фҩык. АПР (ЦГП) аҟны аҟазааразы алшара ахьҳамоу, ауаа ҳадаҳкылоит, рыпроблемақәа рықәҿаҳҭуеит, изықәнагоу анапхгаратә усбарҭақәа ҳрыдҵаалоит, аусшәҟәқәа ҳаҩуеит, аҭагылазаашьақәа зеиԥшразаалакгьы аус аауеит. Аха, ижәдыруама, абарҭ амзақәа ирылагӡаны ҳара ҳахьыҟоу, цхыраарак ҳадгалатәума ҳәа аӡәгьы даҳмазҵааӡеит. Абыржәраанӡа, Апарламенти егьырҭ анапхгаратә институтқәеи рҟынтә дгыларак ҳәа акгьы ҳмоуӡеит, аха агәра згоит ари аинститут аҵакырацәареи иахьынӡаҳҭаху аилкаареи ҟалап ҳәа, насгьы аҭагылазаашьа аҽаԥсахып ҳәа. Ари аинститут ҿыцуп, аԥҵарагьы аҭахуп аханатәҵәҟьа.
– Бзықәшәоу арбану бусураҿы, насгьы уаанӡатәи бусура ацҵара мзызс иазыҟалеи?
– Уажәшьа 10 шықәса ҵуеит Агуманитартә Программақәа Рцентр аҟны ауаҩы изинқәа рзы ауаажәларратә дкыларҭаҟны ари аус акоординациа азызуеижьҭеи. Иара убас Очамчыреи, Гали Тҟәарчалтәи араион аҟны амобилтә дкыларҭеи аус руеит, уаҟа азинтә консультациақәа хәыда-ԥсада имҩаԥыргоит, дарбанзаалак насгьы иарбанзаалак азҵаарзы ацхыраара рыдыргалоит. Убри аҟнытә абри адкыларҭа зықьҩыла ауаа аднакылахьеит. Ҳара, аконсультациа рыдгалара анаҩсгьы, иҳадҵаалоз ҳрыцны анапхгаратә усбарҭақәа, иара убас аӡбарҭақәа рышҟагьы ҳрыцнеиуан – ахымԥадатәра аныҟалоз ауаажәлар ирыдгыло ҳакәны ҳақәгылон. АПР (ЦГП) аҟны иҟаз адкыларҭақәа ирымаз арежим ала русура ацырҵоит. Уажәы сара сцынхәрас уи напхгара алҭоит Диана Керселиан. Сара уажәгьы акыр сырзааигәаны аус рыцызуеит. Ауаажәларратә дкыларҭа азиндырыҩцәа русура профессионалла инарыгӡоит, убри аҟнытә сара ҭабуп ҳәа расҳәоит исыдыргало ацхыраареи адгылареи рзы.
– Бара атранспорт базааҭгылеит. Уи анбашәырҭо?
– Абиуџьет аҟны атранспорт азы ахәԥса азалхӡам. Агәыӷра сымоуп ари азҵаарагьы ӡбахап ҳәа. Ҳара хымԥада Аԥсны ҳакәшароуп – раԥхьаӡа иргыланы анапхгаратә хаҭарнакцәа досу рҭыԥқәа рҿы ҳрабадырыц азы, аинститут азинмчра дырдырразы, ҳаӡбатәқәа реилдыркааразы, насгьы иарбан дгылароу ҳара ҳҟынтә ироурц ирылшо раҳәаразы. Араионқәа рҿы атәылауаа рыдкылара планс иаҳзышьҭоуп, уи иҳадҵаало рыпроблемақәа рзы Аҟәаҟа имааикәа аҭыԥан азинмчра змоу илыдҵаалартә еиԥш алшара рнаҭоит. Ауаа рыдкылара иазку аихшанҵа еиқәыршәахоит, ауаа араионқәа рҿы адкыларатә рыцхәқәа ирызку адыррақәа рыдгалахоит. Ари аетап аҿы абарҭқәа зегьы рынагӡара транспортда изалыршахаӡом.
– Омбудсмен иаҳасаб ала иарбан усқәоу рыӡбара ибылбыршаз?
– Ижәдыруама, иҟоуп зҵаарақәак, АПР (ЦГП) адкыларҭаҟнытә сара сахь ииасқәаз. Убарҭ иреиуоуп АПР (ЦГП) адкыларҭа зыӡбара алымшаз азҵаарақәа. Иаҳҳәозар, атәылауаҩшәҟәы аиҭныԥсахлара азҵааразы иҳадҵаало ауаа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп.
– Атәылауаҩшәҟәы ҿыц аиураҿы изакәанымкәа мап рыцәкра ҟалахьоума?
– Ҳәарада. Урҭ хыԥхьаӡаралагьы маҷым. Хыԥхьаӡарала урҭ шаҟаҩы ыҟоу сара исыздыруам, аха иҳадҵаалоит… Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ иҟны ааигәа аилатәараҟны, уахь саргьы Апарламент адепутатцәа, ОВИР аҵаҟәшақәа реиҳабацәа, Атәыла Ахада Иусбарҭа азиндырыҩцәа ааԥхьара ҳаман, уаҟа «Атәылауаҩра иазку» Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы аӡбамҭа адкылан иааигәаӡоу аилатәараҟны, адепутатцәагьы раԥхьатәи аԥхьараҿы ирыдыркылахьан.
Аха хәажәкырамза аиҩшамҭазы Апарламент ашҟа инасышьҭит АПР (ЦГП) азиндырыҩцәа иаздырхиаз анализи адгаларақәеи, аха сара сзы еилкаамхаз амзызқәа ирыхҟьаны адепутатцәа ари азҵаара иазхьамԥшит. Иабаҟоу нас ара апроблема. 1994 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа Аԥсны ныжьны ицаз ауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩшәҟәқәа рыҭара мап ацәыркуеит, ирымаз атәылауаҩшәҟәқәа изакәантәымкәа ирыдгалан ҳәа ахара рыдҵауа. Аха араҟа иҳәатәуп, убри аамҭазы 1993 шықәсазтәи «Атәылауаҩра иазку» Азакәан аус ауан, дара ракәзар, атәыла ааныжьны ианцаз, азакәан анормақәа еиларымгаӡеит. «Атәылауаҩра иазку» Азакәан аԥсахрақәа алагалан 2005 шықәсазы, аха 2013 шықәсазы Азакәан аԥсахрақәа алагалахоит, уи инақәыршәаны 2005 шықәсазтәи «Атәылауаҩра иазку» Азакәан иаҿагылоу амч аиуит.
– Аха Азакәан аиҭахынҳәратә амч амам.
– Ҳара ҳҿы, иага угәы унархьратә иҟазаргьы, азин анормақәа ирҿагыло уи аҭыԥ амоуп. Уажәы иалагалоу аԥсахрақәа раԥхьатәи аԥхьараан иадкылақәаз, ирыҵанакуеит еиуеиԥшым ауаа ркатегориақәа – аҵарахьы ицақәаз, (арҭ аԥсахрақәа урҭ иркьымсроуп), фақтла ҳахәаԥшуазар, урҭ ара инхон, аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны атәыла аанрыжьыр акәхеит – атәанчахәы аиқәыршәареи мамзаргьы даҽакы, убарҭқәа зегьы ирыхҟьаны иахьҭаҩыз рыҽҭырхыр акәхеит, иара убри аамҭазы 18 шықәса зхымҵхьацыз, иара убас 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьра иалахәызи Аԥсны ииқәази. Ишԥарзаҳуеи ргәамбзиара иахҟьаны Аԥсны анҭыҵ зҽызхәашәтәуаны акыр инхаз? Ишԥарзаҳуеи азакәан аҟны иазгәаҭоу аҿҳәара зегьы акәымкәа уи азхәҭак азы ара иҟамыз, насгьы уи иацәмаҷу азхәҭак азы, аха иаанхаз аҿҳәаразы Аԥсныҟа дгьежьны дынхозар, аусгьы иуазар иахьа уажәраанӡа? Аибашьранахыстәи аамҭазы, зегьы ишыжәдыруа еиԥш, анхара акыр иуадаҩын, аиҳарак аурысбызшәаныҟәгаҩцәа рзы, дара ракәзар, аԥсуаа реиҳараҩык реиԥш, аҳәаанхыҵ ицон рҭаацәа крырҿарҵарц азы. Уи азы урҭ иахьырхәтәым. Убри аҟнытә зегьы реиҳа ихадароу – аконституциа иаҿагыло аԥсахрақәа ықәгатәуп, уи азакәан иаҿагыло амч анаҭоит. 2005 шықәсазтәи Атәылауаҩра иазку Азакәан амчра иамоу рзырхазароуп уаанӡа ара иқәынхоз ракәымкәа, 2005 шықәса рынахыс иаази Аԥсны атәылауаҩра заурц зҭахуи. Ус акәымкәа, акыр шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәылауаҩыз, атәыла Ахада иалхрақәа, Апарламент адепутатцәа ралхрақәа рҿы, ареферендум аҟны зхы алазырхәуаз, ртәылауаҩшәҟәқәа изакәанымкәа иаԥҵаз акомиссиақәа шрыднагалаз хшыҩзышьҭа азуа ртәылауаҩшәҟәы рымхра – ҟалаӡом. Аҳәынҭқарроуп арҭ акомиссиақәа аԥызҵаз, атәылауаа ракәымкәа, иара мацароуп аҭакԥхықәра захьы изгаша. Атәыла анапхгара иазхәыцроуп ауаа хьаак дмырхькәа ртәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахра злалнаршаша, аха уи азы атәылауаа ахара рыднамҵароуп, урҭ ртәылауаҩшәҟәқәа роуит азакәани апроцедуратә ҭагылазаашьақәеи инарықәыршәаны, рганахьынтә урҭ изакәантәым акгьы ҟарымҵеит.
– Сгәы иаанагоит, ҳтәыла иаҿагыланы еибашьуаз роуп ҳтәылауаҩра адгаларазы мап ззыцәктәу, ара инымхо, акыр шықәса ара инымхоз, иҵабыргыҵәҟьаны ҳара иҳаӷоу, адезертирцәа иреиуоу, ахҵәацәа иреиуоу, аха аамҭак азы изакәантәым амҩала изауз… Ус ами?
– Аха аус злоу, ҳтәыла азакәан аҿы шәара иазгәашәҭаз алкааӡам! Ус шакәыз шәара ижәдыруазма? Абри азҵаара ашьақәыргыларазы иарбанзаалак азакәан шьаҭас иҳазгаӡом. Ари иаанаго, азҵаара аӡбара ззынҳажьуа ачынуаҩ иоуп. Акоррупциа аҟазаара атәоуп абри зегьы иаанаго.
– Шәара ирыдыжәгалама ас еиԥш иҟоу акырӡа зҵазкуа аԥсахрақәа аларгаларц?
– Уажәы макьана мап, аха АПР (ЦГП) аус анауаз, аӡбарҭақәа русура ангәаҳҭоз нахыс аналитикатә жәахәқәа еиқәҳаршәон, иара убраҟагьы иазгәаҳҭон ас еиԥш иҟоу азҵаара ачынуааи аӡбаҩцәеи мацара рызныжьра ииашам ҳәа.
Аха аҵыхәтәан абар иалҵыз. Ирымаз атәылауаҩшәҟәқәа иҿыцу атәылауашәҟәқәа рыла аԥсахра апроцедура атәылауаҩра апроцедурала иԥсаххеит. Акомиссиақәа изакәанымкәа иахьыҟаз иахырҟьаны, ауаа атәылауаҩра аиура апроцедура иахрыжьуеит – уи аиҭашьақәыргыларагьы акәымкәа, аха аиура. Ирацәаҩуп ауаа ас еиԥш азыҟазаашьа патуқәымҵараны изыԥхьаӡо, усгьы ирҳәоит: ҳара ҳааизар абра ҳанхоит, уи арҵабыргра зҳақәдыршәозеи? Иааидкыланы, иҟарҵо аус аҿы зынӡа рнапы ааиурыжьит.
– Атәылауаҩра змауз, анхаразы азиншәҟәы иоуеит, жәашықәса анҵлак уеизгьы атәылауаҩреи атәылауаҩшәҟәи иоуеит.
– Мап, ус акәӡам. Уажәы атәыла Ахада иҟны иҟоу атәылауаҩразы акомиссиа ари азҵаара аӡбара анапы алакуп. Насгьы акомиссиа ауп изыӡбо дарбан атәылауаҩра зауа, мамзаргьы мап зыцәкхо. Азакәан аҟны даҽа категориақәак ахьазгәаҭам, хыхь зыӡбахә сҳәаз, уи иаанаго арбану, акомиссиа ауп изыӡбо дарбан изыхәҭоу атәылауаҩра аиура, мамзаргьы дарбан уи аиура ззыхәҭам. Даҽазныкгьы, азакәан акәым, аха ачынуаа роуп изыӡбо.
Абраҟа иҳәатәуп, ирацәаҩуп ицаз, аха анаҩс ихынҳәыз иртәу рыздырхынҳәырц зҭахқәоу (аха, иҟалап, ирымаз рацәамызт, ааи, аха қәацә хәыҷык рымазаргьы уи ахә духеит) аиҳарак ҳхьыԥшымра аназхарҵа нахыс: ара уаҳа аибашьра ҟалом, изыцәшәо акгьы ҟалашьа амам ҳәа рыӡбеит. Ари ииашам. Ас еиԥш иҟоу ауаа рыгәрагара гәаӷьыуацәоуп. Ҳара ҳакәзар, аԥсуаа, насгьы егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәа, урҭгьы хыԥхьаӡарала имаҷым, ара ҳанхоит, ашәара, аибашьра … аныҟоу.
– Аха абыргцәа, аҳәса зеибашьуамызт, урҭ рыԥсы еиқәдырхар акәын. Аԥсуаа ртәыла ааныжьны имцаӡоз? Урҭ абас ихҭакны ирызныҟәаӡом, ус ами.
– Аԥсуаа адунеи зегьы аҿы иаразнак рҭоурыхтә ԥсадгьыл амилаҭра рыҭахоит. Ари зынӡа даҽа зҵаароуп.
Аԥсуаа иахьықәынхозаалак рмилаҭра роуртә алшара ахьрымоу уи даара ибзиоуп. Аха аԥсуа милаҭра змоу рыда, егьырҭ рызгьы Аконституциа аԥҟара аус аулароуп, Аконституциала ҳахәаԥшуазар, Аԥсны атәылауаҩы атәыла анҭыҵ дынхозар, уи имилаҭра ицәнагаӡом. Ари иаанаго иаԥсыуам ауаа рганахь ала Аконституциа ақәымныҟәара ҟалоит. Еилышәкаауеит ара иҟоу.
– Исабҳәарц сҭахын атәылауаҩшәҟәы иазку азҵаара анаҩс иарбан ажәлар еиҳа изыдҵаало зҵаараны иҟоу?
– Сара макьана исымҳәаӡац Галтәи араион иқәынхақәо атәылауаҩшәҟәқәа рыдгалара иазку апроблема.
– Ари хазы игоу, идуу, насгьы акырӡа зҵазкуа темоуп, Асида. Ҳара ҳгазеҭ ас еиԥш иҟоу алшара бнаҭоит, бҭахызар.
– Ибзиоуп, нас ҳалацәажәап, иҭабуп.
– Иарбан проблемоу нас иҟоу атәылауаҩшәҟәқәа рыпроблема анаҩс?
– Атәылаҿы иҟоу ахалахақәыӡбара. Сара исыдҵаало ауадаҩрақәа ирықәшәаз ракәӡам, аха, ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ирнышәарц зҭахым еиуеиԥшым ауаа роуп, аԥсуа жәлар рнормақәа рҟны зеиԥшрак змаӡам. Ашьоура аинститут иҵабыргыҵәҟьаны иҳаман, аха уаҟа ҷыдалаҵәҟьа арегламент азгәаҭан – аԥҳәыс лыламкьысра. Ахеидкылақәа ыҟан, аҭагылазаашьа ган рацәала иҭҵааны аҭыԥ иқәырҵон, насгьы, ианакәзаалак ацәгьаура шьакаҭәарала ирыӡбаӡомызт – ашьоура азгәышьра иахьеиԥш иҟамызт. Ари аҭагылазаашьаҟны иҿаасҭаны иҟоу, аҭаацәа, ахәыҷқәа аӡәгьы ирызхәыцӡом, зыԥсҭазаара сааҭк иалагӡаны ӷәӷәала зҽызыԥсахырц, уаҩы изымычҳаратәы иҟоу ауадаҩрақәа иҭанаргыларц зылшо. Ауаҩышәаратә цәаҳәа ахысра ажәлар рҟәыӷара иалнамыршароуп – иуаҩрадоу азнеишьақәа рыла ауаҩра аиқәырхара зыҟалаӡом. Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит: аԥсра-аиҭаԥсра. Ахьӡ-ахьымӡӷ аиқәырхаразы, аӡәы ахьӡ-ахьымӡӷ иаҿагыло аус ҟаиҵар ҟалоит. Аԥҳәыс лышьра ажәлар рыҩнуҵҟа ауаҩы иаҳаҭыр еиҳаранатәуеит ҳәа иҟоу агәаанагара даара ишәарҭоуп, ари - дамыӷоуп абиԥарак аҟынтәи даҽа абиԥарак ахь ииасуа.
– Иҟабҵоузеи бара ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы?
– Ҳара изинтәу идемократиатәу ҳәынҭқарроуп, убри аҟнытә азинхьчаратә усбарҭақәа срыдҵаалоит. Аха ас еиԥш иҟоу аҭаацәа рыҩнуҵҟатәи аиҿыхарақәа азинхьчаратә усбраҭақәа рҟынтә иадекваттәым анырра изныкымкәа ицәырҵуеит. Ашьауӷатә ус иақәыршәатәуп ацәгьаурақәа ҟазҵо зегьы, иара убас урҭ рахь иадзыԥхьалақәо. Адыԥхьалаҩцәа рроль акыр ирацәазаап, излаабо ала. Ҳара имаҷымкәа ахҭысқәа аадыруеит адыԥхьалаҩцәа ауаа аҽшьра аҟынӡа ианнаргахьаз. Урҭ ахьырхәӡам. Азинхьчаратә усбарҭақәа рнапынҵа иазынагӡаӡом, аха исымоу азинмчра схы иархәауа, азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан иахьынӡақәныҟәо хылаԥшра аҭара сылшоит. Урҭ рнапынҵа нармыгӡозар, сара рыхшыҩзышьҭра уахь ихьасырԥшыроуп, ас еиԥш иҟоу аусқәа ҭырҵаарц рыдызгалароуп.
– Азинхьчаратә усбарҭақәа ирықәбырго быбжьы раҳауама?
– Ус сара исызҳәаӡом, аха еффективрала аусеицура ҳалҳаршап ҳәа агәыӷра сымоуп, избан азкәзар ҳусӡбатәқәа еиқәшәоит. Ари, раԥхьаӡа иргыланы, азакәантәреи ауаҩы изинқәа рыхьчареи рықәныҟәара ауп. Атәылаҿы азакәанеилагарақәа зеиԥшразаалакгьы, урҭ рхыԥхьаӡара аиҵартәра ҳацхраалароуп. Аҳәынҭқарраҿы апрокуратура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, аӡбарҭа ыҟазаргьы, ауаҩы изинқәа реиқәыршәареи реиқәырхареи рзы иаԥҵақәоу, иара убасҵәҟьа, егьырҭ аминистррақәеи, Азинмчра змоу иинститути ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы аԥҟареилагарақәа, аиҳарак асистематә ҟазшьа змоу раԥыхра ацхраалоит, иааидкыланы ауаҩы изинқәа рыхьчара. Абри ауп хшыҩзышьҭра змаз ихьыԥшым аусбарҭа аԥҵараан. Ихьыԥшым аинститут анагӡаратә мчра иахьыԥшӡам. Аӡәы убас иҭаххеит ҳәа сусураҭыԥ сырзамхӡом, избанзар хәы-шықәса ҿҳәарас исыманы Апарламент ала салхуп. Амала, сара схаҭа атәыла азакәан еиласымгар.
«Азинмчра змоу изинмчра анынаигӡо акгьы дахьыԥшӡам насгьы иарбанзаалак аҳәынҭқарратә усбарҭа, аҭыԥантәи ахаланапхгареи амаҵурауааи рҿаԥхьа иусура аҳасабырба адигалаӡом». («Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу изкны» захьӡу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҟнытә).
– Уи иаанаго, дарбанзаалак иус балалар ҟалоит, иқәбыргылар былшоит азҵаарақәа, ахьырхәрахьы анагара…
– Исылшоит, уимоу, ачынуаа, азакәани ауаҩы изинқәеи еилазгаз, аӡбарҭахь ихьӡ анагара.
– Ҳарзыхынҳәып апроблемақәа, зызҵаарала ауаа шәыдҵаало.
– Еиқәырхам ахәыҷқәа, апедофилиа. Афактқәа рацәоуп ҳәа сызҳәаӡом, аха ҳауаажәлар рзы имаҷӡам.
Аҩбатәи акыр зҵазкуа ажәлар рҿы проблеманы иҟоу, зыӡбахәгьы ҳәатәу иреиуоуп аҩынтәи аргәаҟрақәа. Ирацәаҩуп аҳәса аҭаацәара аҩнуҵҟа иҟало аргәаҟрақәа ирыхҟьаны ибналақәо, ацхырааразы урҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа ирыдҵаалоит. Урҭ рыҩнқәа рҟынтә идәылырцоит, уимоу рхәыҷқәа рымырхуеит. Аха арҭ афактқәа ирықәнагоу азинтә нырра рымаӡам, избан акәзар ас еиԥш иҟоу аусқәа ркатегориа азакәанԥҵараҟны иазгәаҭаӡам. Убри аҟнытә иаарласны аҩнытә ргәаҟрақәа ирызку азакәан адкылатәуп. Уажәы ауаажәларратә еилазаара ари апроблема аӡбахә рҳәоит, уимоу азакәан апроект авариантгьы еиқәыршәоуп. Сара урҭ активлаҵәҟьа срыдгылоит, сгәы иаанагоит Апарламент адепутатцәагьы абри иадгылоит ҳәа.
Анаҩстәи апроблема, аҵыхәтәантәи аамҭазы зызҵаарала лассы ауаа ҳадҵаало иреиуоуп – аборт аҟаҵаразы азин аҟамзаара. Апарламент аҟны апарадоксалтә ҭагылазаашьа ыҟоуп – ирацәаҩуп адепутатцәа ари аӡбамҭа иахыццакны иадкылан ҳәа агәаанагара змоу насгьы «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан аԥсахрақәа алагалатәуп ҳәа зҳәоугьы, аха, иҟоуп адепутатцәа аԥсахрақәа ралагалара иаҿагылақәоугьы. Иага ус иҟазаргьы, сара сгәыӷуеит ари азҵаара адепутатцәа ҭакԥхықәра дула иазнеиуеит ҳәа, избанзар Азакәан ауаҩы изинқәа еиланагоит. Асоциалтәи амедицинатә ҟазшьеи змоу аԥсахрақәа алагалатәуп. Уажәы «Агәабзиарахьчара иазку» Азакәан лассы аԥсахрақәа шалагалатәу иазку ахҳәаа еиқәнаршәоит Ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу иаппарат. Зегьы иргәалашәоит, абортқәа рыҟаҵара азин аԥыхра мотивациас иазыҟалеит атәылаҿы адемографиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра. Иаларгалаз аԥкрақәа ракәӡам ҳаизҳара иацхраауа, аха, ишдыру еиԥш, аҭаацәара қәыԥшқәеи ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәеи аҳәынҭқарратә цхыраара рыдгалара ауп. Апопулисттә риторика ари атемала ареалтә программақәа амԥсахроуп.
Аинтервиу лгон Заира ҴӘЫЏЬԤҲА