• 1 Азыҳәа аформа алхра

    Асаит аҟны азыҳәа алхразы ҩ-формак азгәаҭоуп: Азыҳәазы аформа – Азинмчра змоу ихьӡ ала изыҩуа. Ахԥатәи ахаҿы изыҳәаразы аформа, арзаҳалҩҩы интересқәа адызгало

  • 2 Азыҳәа ахарҭәаара

    Азыҳәа ахарҭәаара аформаҟны иарбоу ацәаҳәалгақәа рҟны адыррақәа разгәаҭарала еиқәыршәахоит. Цәаҳәақәак азгәаҭоуп «Ихымԥадатәу» ҳәа урҭ ирышьашәалоу адырга * ала, иаҳҳәозар, ахьӡ, ажәла, аҭыӡҭыԥ уҳәа уб. егь. Арҭ адыррақәа разгәаҭара хымԥадатәуп, избан акәзар азыҳәа еиқәзыршәаз Азинмчра змоу агәаҭарақәа зхыжьу адыррақәа изынаишьҭырц алшара инаҭоит. «Азыҳәаҟны иазгәаҭоу» ацәаҳәаҟны зымҽхак ԥкым атекст аҩра шәылшоит. Ихымԥадатәу ацәаҳәақәа харҭәаамзар, «ХШЫҨЗЫШЬҬРА АШӘҬ!!!» Аҳәара ҟаҳҵоит ихымԥадатәу ацәаҳәақәа хашәырҭәаа». Уи иаанагоит шәара шәзыҳәа нашьҭымхаӡеит ҳәа.

  • 3 Агәлаҵақәа рыдкылара

    «Агәлаҵақәа рыдкылара» зну шәанақәыӷәӷәалак браузер ҿыц аатуеит. Афаил ацҵаразы «Арбага» шәақәыӷәӷәа уинахыс афаил аналышәхлак «Асиахь ацҵара» шәақәыӷәӷәа. Шәааԥшы, иалышәхыз афаил «Агәлаҵақәа рсиа» рҟны иҟалаанӡа. Аус здыжәуло афаил заҟароу иаҿырԥшны аус здыжәуло асервисгьы зеиԥшроу хшыҩзышьҭра аҭо агәлаҵа аартра минуҭқәак рҟынӡагьы аамҭа шәцәагар алшоит. Егьырҭ афаилқәа асиахь иацҵахоит иара убасҵәҟьа. Ари аус ахь иадкылазар алшоит зхыԥхьаӡара ԥкым агәлаҵақәа, аха фаилк 5 МБ еиҳамхароуп. Агәлаҵақәа фаилзароуп, еицырдыруа форматны иҟоу, иаҳҳәозар JPG, GIF, TIFF, DOC, TXT, PDF реиԥш иҟоу. Афаил анашьҭра даҽа форматк ала аус адулараҟны аамҭа еиҳаны иаҭаххоит мамзаргьы уи адкылара алнаршаӡом.

  • 4 Иазгәаҭоу адыррақәа рынашьҭра

    Иазгәаҭоу адыррақәа шиашоу, насгьы агәлаҵақәа шацҵоу агәра ганы, «Азыҳәа анашьҭра» зну шәақәыӷәӷәа. Уи адыррақәа нанашьҭуеит азыҳәагьы арҵабыргуеит. Аекран аҟны ицәырҵуа адыррақәа кьыԥхьзар ҟалоит «Акьыԥхьра арҵабыргра» ақәыӷәӷәарала, арзаҳал ахкьыԥхьлаа амырӡразы, Азинмчра змоу изынашәышьҭыз.

Азыҳәа анашьҭра